Илиа II адиаспора рахь  - Ижәдыруазааит, шәара Қырҭтәыла иузалымхуа хәҭак шшәакәу, аҳәаанырцә Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа шәоуп, ишәыдаҳныҳәалоит, адинхаҵара аҕәҕәареи аҧсадгьыл азгәыкреи шәзеиҕьаҳшьоит
Илиа II адиаспора рахь  - Ижәдыруазааит, шәара Қырҭтәыла иузалымхуа хәҭак шшәакәу, аҳәаанырцә Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа шәоуп, ишәыдаҳныҳәалоит, адинхаҵара аҕәҕәареи аҧсадгьыл азгәыкреи шәзеиҕьаҳшьоит

«Ижәдыруазааит, шәара Қырҭтәыла иузалымхуа хәҭак шшәакәу, аҳәаанырцә Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа шәоуп, ишәыдаҳныҳәалоит, адинхаҵара аҕәҕәареи аҧсадгьыл азгәыкреи шәзеиҕьаҳшьоит», — иануп Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II Адиаспора рымш иамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә алахәылацәа ирызкыз ашәҟәы аҟны.

Илиа II ишәҟәы аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.

«Анцәа бзиа иибо сашьцәеи саҳәшьцәеи,  сдоуҳатә хылҵ, есышықәсатәи ҳаиҧылара амш ааит.

Сара изныкымкәа шәара  шәахь ааҧхьара ҟасҵахьеит, иахьагьы иҟасҵар сҭахуп.  Ижәдыруазааит, шәара Қырҭтәыла иузалымхуа хәҭак шшәакәу, аҳәаанырцә Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа шәоуп, убри аҟынтә, аҭакҧхықәра ду шәыдуп.  Шәахьыҟоу аҭыҧи, аҳәаанырцә инхо ақырҭуааи, инеизакны Қырҭтәылеи Анцәа иныҳәааит. Ишәыдаҳныҳәалоит, адинхаҵара аҕәҕәареи аҧсадгьыл азгәыкреи шәзеиҕьаҳшьоит», — иануп Апатриарх ишәҟәы аҟны.