Илиа Дарчиашвилии Петер Сииартои Қырҭтәыла аиҳабыреи Венгриа аиҳабыреи рыбжьара "Аинвестициақәа рыдгылареи аибахьчареи иазку" аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Илиа Дарчиашвилии Петер Сииартои Қырҭтәыла аиҳабыреи Венгриа аиҳабыреи рыбжьара "Аинвестициақәа рыдгылареи аибахьчареи иазку" аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииартои Қырҭтәыла аиҳабыреи Венгриа аиҳабыреи рыбжьара “Аинвестициақәа рыдгылареи аибахьчареи иазку” аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра абзоурала,  2 тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа иҭбаахоит, ари аганахьала алшара ҿыцқәа ҟалоит.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы апартниорра шдырҕәҕәаша иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ахәаахәҭра-економикеи, аенергетикеи, егьырҭ аусхкқәеи рҿы аусеицура аҵакы. Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбагақәа ахәшьара бзиа рыҭан. Ашәарҭадара апроблемақәа ианрылацәажәоз, венгриатәи аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло“, – иануп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.