Илиа Дарчиашвили Жозеп Боррель диԥылоит
Илиа Дарчиашвили Жозеп Боррель диԥылоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Адәныҟaтәи aусқәеи aшәaрҭaдaрa aполитикеи aзҵaaрaқәa рзы Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaк, Еврокомиссиa aвице-aхaдa Жозеп Боррель диԥылоит.

Аиԥылара ашьҭахь Илиа Дарчиашвили ажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жозеп Боррель дидикылоит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили. Иара убас, Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии апарламент алахәылцәеи атәылауаҩратә уаажәларра хаҭарнакцәеи дырԥылоит. Иара убас Боррель Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа апресс-конференциа мҩаҧыргоит.

Адәныҟaтәи aусқәеи aшәaрҭaдaрa aполитикеи aзҵaaрaқәa рзы Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaк, Еврокомиссиa aвице-aхaдa Жозеп Боррель Қарҭ цәыббра 7 рзы даҭааит.