Илиа Дарчиашвили  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа дырҧылеит
Илиа Дарчиашвили  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Џьихан Султаноҕлуи Виорел Мошануи дырҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  аиҧылараҿы ирылацәажәеит урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭыҧқәҵара иадҳәалоу азҵаарақәа. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ашәарҭадара аганахьла арегион аҿы аҭагылазаашьа,  ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҵаки,  аусхәаҧштә ахадаратә зҵаарақәа рҿы апрогресс аируразы ари аформат қәҿиарала ахархәара ахымҧадареи.  Зызбахәы ҳәоу азҵарақәа иреиуп  амца аанкылара иазкны  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа рынагӡареи ахҵәацәа рыхынҳәреи.