Илиа Дарчиашвили Вашингтон имҩаҧысуа НАТО аиубилеитә саммит ихы алаирхәоит
Илиа Дарчиашвили Вашингтон имҩаҧысуа НАТО аиубилеитә саммит ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Америкаҟа ддәықәлеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, адәныҟатәи аусқәа рминистр ҧхынгәы 9-11 рзы Вашингтон имҩаҧысуа НАТО аиубилеитә саммит ихы алаирхәоит, иара убас, ҧхынгәы  10 рзы, апартниор тәылақәа рформатаҿ имҩаҧысуа адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иҽалаирхәоит.

Убри адагьы, Илиа Дарчиашвили, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.