Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аибадырратә аиԥылара мҩаԥигеит Францитәи Ареспублика Европеи Адәныҟатәи азҵаарақәеи рминистр Стефан Сежурне иҟны.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Илиа Дарчиашвили иколлега Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аанкылара идиныҳәалеит.
“Аиԥылараҿ аганқәа ирзааҭгылеит евроинтеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла апрогресси Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иадҳәаланы Европа ахеилак аднакылаз аҭоурыхтә аӡбареи. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз, Еврокомиссиа аус аднаулаз абжьагарақәа рынагӡара апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресс ду амоуп, Илиа Дарчиашвили франциатәи аган иҭабуп ҳәа раиҳәеит Қырҭтәыла европатәи акурс адгыларазы“, – иануп аинформациа аҿы.