Илиа Дарчиашвили Стефан Сежорне Франциа Адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рзы аминистрс иқәыргылара идиныҳәалоит
Илиа Дарчиашвили Стефан Сежорне Франциа Адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рзы аминистрс иқәыргылара идиныҳәалоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Стефан Сежорне Франциа Адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рзы аминистрс иқәыргылара идиныҳәалоит. Дарчиашвили адныҳәалара “Твиттер” аҿы ҟаиҵеит.

„Стефан Сежорне Франциа Адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рзы аминистрс иқәыргылара идысныҳәалоит. Шәмиссиа анагӡараҿы ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит. Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара шьаҿак ала аназааигәахаз амҭазы, шәтәылаҟны активтә аусзура анагӡаразы ҳахиоуп. Қырҭтәылеи Франциеи реимадарақәа рырӷәӷәара шҳалшо агәра згоит”, – иҩит Дарчиашвили.