Илиа Дарчиашвили – Софиа визитла саныҟаз Болгариа апарламент Қырҭтәыла астатус анашьара адгыларатә декларациа ахьаднакылаз даара узыргәаҭеиуа хҭысуп

20:00, 13.10.2023

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Болгариа апарламент  Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгылара иазкны асоциалтә каҭаҿы иҩит.

“Ажәабжь гәырӷьахә сымоуп – Болгариа апарламент аднакылаз адекларациа аҿы, Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгылоит. Ари иҳабжьоу аиҩызара даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит. Софиа визитла саныҟаз Болгариа апарламент Қырҭтәыла астатус анашьара адгыларатә декларациа ахьаднакылаз даара узыргәаҭеиуа хҭысуп. Шәадгылара ҳара ҳзы аҵак ҷыда амоуп“, – иҩит Дарчиашвили.

Еиԥшу