Илиа Дарчиашвили – Сара сзы ҳаҭыр дууп Аҳәынҭқарра Ахада Байден ихьӡала имҩаԥысуа НАТО асаммит иазку адкылара алахәхара, сара сзы гәырӷьара дууп   апартниор ҕәҕәақәа  ралианс аҿы Қырҭтәыла абираҟ ахаҭарнакра ахьамоу

  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Америка Аҳәынҭқарра  Ахада ихьӡала Вашингтон имҩаԥысыз НАТО 75-тәи асаммит аиубилеи иазкыз адкылара ихы алаирхәит.

Адкылара рхы аладырхәит НАТО иалахәу аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәеи Алианс апартниортә ҳәынҭқаррақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиҳабы ари ахҭыс иазкны асоциалтә аҳаҿы  иҩит.

“Сара сзы ҳаҭыр дууп Аҳәынҭқарра Ахада Байден ихьӡала имҩаԥысуа НАТО асаммит 75 шықәса ахыҵра иазку адкылара алахәхара. Сара  сзы гәырӷьара дууп   апартниор ҕәҕәақәа  ралианс аҿы Қырҭтәыла абираҟ ахаҭарнакра ахьамоу», – ҳәа иҩит Дарчиашвили  асоциалтә аҳа X  аҿы.