Илиа Дарчиашвили – Қырҭтәыла активла ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит, ҳара Евроеидгыла алаларазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит  
Илиа Дарчиашвили – Қырҭтәыла активла ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит, ҳара Евроеидгыла алаларазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит  

«Қырҭтәыла активла ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит, ҳара Евроеидгыла алаларазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала, иара атәыла акандидат астатус аиуп ҳәа дгәыҕуеит.

«Қырҭтәыла активла ареформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит. Ҳара 12 абжьагарақәа мацара ракәымкәа,  Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәарақәагьы наҳагӡоит. Иара убас,  зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иадҳәаланы ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәагьы наҳагӡоит.  Қырҭтәыла активла ареформақәа рынагӡара иаҿуп,  уи ҳҧеиҧш иадҳәалоуп. Ареформақәа мышкала иузымҩаҧнагом,  шықәсык алагьы иузымҩаҧнагом. Убри аҟынтә, ҳара аиуристтә ганахьала Евроеидгыла ҳазааигәахоит», — иҳәеит  Дарчиашвили.