Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иаҿагыло тәылакгьы иҟам, ахеилак ари ихаадроу аӡбара арҭ амшқәа рзы шаднакыло сақәгәыӷуеит
Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иаҿагыло тәылакгьы иҟам, ахеилак ари ихаадроу аӡбара арҭ амшқәа рзы шаднакыло сақәгәыӷуеит

Иахьа  Қырҭтәыла азҵаара иазкны аишәа гьежь иахатәаз алахәылацәа ргәаанагарақәа еиԥшын, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили “Мрагыларатә партниорра” аминистериал данахцәажәоз.

“Ишьақәгылаз ицәгьоу агеополитикатә ҭагылазаашьаҿ “Мрагыларатә партниорра” асаммит ахьымҩаԥгаз аҵак ду амоуп. Ҳара ҳзы ари ихадароу платформоуп, механизмуп. “Мрагыларатә партниорра” амеханизм иабзоураны Қырҭтәыла Евроинтеграциа ахырхарҭала ихадароу алҵшәақәа аицит. Қырҭтәыла ахьӡала иқәсыргылаз азҵаара абри ауп – Қырҭтәыла “Мрагыларатә партниорра” алахәыла-тәыла аранг аҿы ахатә контрибуциа анагӡара азыхиоуп”, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Аминистр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла азҵаара иазкны аишәа гьежь иахатәаз алахәылацәа ргәаанагарақәа еиԥшын.

„Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иаҿагыло тәылакгьы иҟам, ахеилак ари ихаадроу аӡбара арҭ амшқәа рзы шаднакыло сақәгәыӷуеит“, – иазгәеиҭеит иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр.