Илиа Дарчиашвили  - Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алшо зегь ҟанаҵоит Аҳәаанырцә инхо ҳтәылауаа алхрақәа рҽалархәра рылшарц атәы
Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алшо зегь ҟанаҵоит Аҳәаанырцә инхо ҳтәылауаа алхрақәа рҽалархәра рылшарц атәы

«Адемократиатә, зхы иақәиҭу, жәларбжьаратә стандартқәа ирышьашәалоу алхрақәа рымҩаԥгара ҳаиҳабыра азы априоритетә хҵаароуп, ари азы азакәанԥҵаратәии аиҿкааратәи ахырхарҭақәа рыла активтә усура мҩаԥаагоит», — Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили апарламент аҿы аинтерпеллиациа аформат ала данықәгылоз.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, алхрақәа рахь анаԥшцәа рааԥхьаразы аминистрра аимадара ӷәӷәа амоуп Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаараҟны. Иара убас Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ацентртә алхратә комиссиеи аусеицура рыбжьоуп. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алшо зегь ҟанаҵоит Аҳәаанырцә инхо ҳтәылауаа алхрақәа рҽалархәра рылшарц атәы.