Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Нато аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вокке Ҳоқстер диԥылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аминистрцәа Қырҭтәылеи Нидерландыи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шаьқәгылеижьҭеи 30 шықәса ҵра иахцәажәан, иазгәарҭеит атәылақәа аиҩызаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәа шрыбжьоу.
Аминистрцәа ҷыдала иазааҭгылеит арегион аҟны иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа.
„Ахәшьара ҳарак аҭан Қырҭтәыла Украина азаанарԥшыз адгылара, иазааҭгылеит Қырттәыла аԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Нидерланды ахаҭарнак иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Евроеидгыла амониторинг азы амиссиа аҽалархәразы”, – иануп аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.