Илиа Дарчиашвили - Миунхентәи аконференциаҿ Иракли Ӷарибашвили Европа аенергошәарҭадара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ихадароу аҭыԥ ааннакыларц шаҭаху дахцәажәоит
Илиа Дарчиашвили - Миунхентәи аконференциаҿ Иракли Ӷарибашвили Европа аенергошәарҭадара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ихадароу аҭыԥ ааннакыларц шаҭаху дахцәажәоит

Миунхентәи ашәарҭадаратә аконференциаҿ Иракли Ӷарибашвили Европа аенергошәарҭадареи, Европа аенергоресурсқәа рдиверсификациа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ихадароу аҭыԥ ааннакыларц шаҭаху дахцәажәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Аминистр иажәақәа рыла, аенергошәарҭадара иҭагылоу ауадаҩрақәа рфонаҿ, Қырҭтәыла ароли Амшын Еиқәа аҵан иҟоу акабель апроект аҵак ду рымоуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәа дырԥылоит, аиԥыларақәа раан акцент хада ҟаҵахоит акандидат статус аиура азҵааразы.