Илиа Дарчиашвили Меқсика ахада линаугурациаҿ дыҟан
Илиа Дарчиашвили Меқсика ахада линаугурациаҿ дыҟан

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр дызхагылаз Қырҭтәыла аделегациа Меқсика ахада линаугурациашҟа иааԥхьан.

Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, Клаудиа Шеинбаум линаугурациа Мехико ақалақь аҿы мҩаԥган, уи рхы аладырхәит 105 тәылақәеи 22 жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи зранг ҳаракыз аделегатцәа, урҭ иреин 16 тәылақәа рнапхгаҩцәеи, 20 тәылақәа рыдәныҟатәи усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи

“Аинаугурациа ацеремониа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аибадырратә аиԥылара мҩаԥган. Аиԥылараҿ Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ахада Шеинбаум Қырҭтәыла аиҳабыреи ажәлари рыхьӡ ала алхрақәа рҿы аиааира агара лыдиныҳәалан, ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит. Иазгәаҭан Қырҭтәылеи Мексикеи ирыбжьоу аиҩызаратәи апартниорратәи еизыҟазаашьақәа рҵакы.

Меқсика ахада Илиа Дарчиашвили иҭадуп ҳәа иалҳәеит аинаугурациа ацеремониа аҽалархәразы“, –иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.