Илиа Дарчиашвили Малаизиа апарламент ҵаҟатәи апалата авице-ахада диҧылеит
Илиа Дарчиашвили Малаизиа апарламент ҵаҟатәи апалата авице-ахада диҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Малаизиа апарламент ҵаҟатәи апалата авице-ахада Датук Нур Џьазлан Бин Ҭар Сри Моҳамеди уи ицу аделегациеи дырҧылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла,  аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи русеицураҿы аҧыжәара змоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун аекономикеи,  ахәаахәҭреи,  атуризми, аҵареи,  ажәларқәа рыбжьара аимадарақәеи рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәа.

„Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара аполитикатә диалог анагӡара аҵаки Малаизиаҟны Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизатә режим алиберализациа алшареи“, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Илиа Дарчиашвили Малаизиатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.