Илиа Дарчиашвили Лиуксембург вице-аԥыза Ксавье Беттель иааԥхьарала иформалым аиԥылара ихы алаирхәит
Илиа Дарчиашвили Лиуксембург вице-аԥыза Ксавье Беттель иааԥхьарала иформалым аиԥылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Лиуксембург вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ксавье Беттель иааԥхьарала иформалым аиԥылара ихы алаирхәит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, иформалым аиԥылара рхы аладырхәит Евроеидгыла иалоу атәылақәеи акандидат-тәылақәеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрҵәа.

«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иколлегацәа Қырҭтәыла евроинтеграциа амш аусхәаԥштәи абжьагарақәа рынагӡара адинамикеи ирызку аинформациа рыдигалеит.

Ауснагӡатә иалахәыз адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Лиуксембург агерцог ду Анри иԥылеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҿы.