Илиа Дарчиашвили - Кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, уи ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп
Адунеи абанк аглобалтә напхгараҭара аиндикаторқәа зхы иазырхәо Жәларбжьаратәи аҭҵааратә центр – „Адемократиа авариациақәа“ аҳасабырба инақәыршәаны, кыраамҭала адемократиа аиҕьтәра абзоурала, Қырҭтәыла, адунеи адемократиақәа иреиҕьу ахәбарак реиқәыҧхьаӡа иалоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.
Адунеи иреиҕьу адемократиатә ҭҵаарақәа ацентр, аиҿкаара “Адемократиа авариациақәа” иаланарҵәаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла акырӡа еиҕьхеит абарҭ арбагақәа:
– агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра (freedom of expression);
– аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭра (freedom from torture).
„Аҭҵаарақәа рҿы иарбоу зҵакы дуу 2 хырхарҭак рҿы Қырҭтәыла аконкреттә алҵшәақәа амоуп. Уи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи аргәаҟра аҟынтә ахақәиҭреи ауп, абри зегьы ҳтәыла адемократиатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.
Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла Кавкази Ацентртә Азиеи арегион аҿы адемократиатә статус змоу атәыла заҵәуп, уи “аелекторалтә демократиа” атәылақәа ргәыҧ иаҵанакәеит.
Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа