Илиа Дарчиашвили – Џьо Баиден иааҧхьара аҧыхра иазку аӡбара ҵакыс иамаз ҳзеилкаауам, уи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп

10:58, 26.09.2024

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иҳәамҭала,  Америка ахада  Џьо Баиден идкыларашҟа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  иааҧхьара  аҧыхра иазку аӡбара ҵакыс иамаз  еилкаам.

Иара иажәақәа рыла, ари аӡбара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп.

„Ари аӡбара ҵакыс иамоу ҳзеилкаауам, ҳәарада, уи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп. Ҳстратегиатә партниорцәа аус рыцуреи азҵаарақәа зегьы рылацәажәареи  ҳазыхиоуп. Аха, ҳстратегиатә партнир иҟынтә еснагь гәаартыла аиҿцәажәара ҳазыҧшуп, уи ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҭбаареи азы мҩа заҵәуп“, – иҳәеит Дарчиашвили.

 

Еиԥшу