Илиа Дарчиашвили – Израиль иҟоу ҳтәылауаа рҟны аимадара ҳамоуп, уаҟа зҽызыхәшәтәуа ахәыҷқәа ҳрыцхраауеит, иаамҭаны ҽаџьара риагара ма Қырҭтәылаҟа рырхынҳәразы
Илиа Дарчиашвили – Израиль иҟоу ҳтәылауаа рҟны аимадара ҳамоуп, уаҟа зҽызыхәшәтәуа ахәыҷқәа ҳрыцхраауеит, иаамҭаны ҽаџьара риагара ма Қырҭтәылаҟа рырхынҳәразы

«Ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп, ацҳаражәҳәарҭаҿы иакымкәа Ацәаҳәа ҷыдақәа аус руеит, Израиль иҟоу ҳтәылауаа рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Дарчиашвили ишиҳәаз ала,  ацҳаражәҳәарҭа аҧсадгьылахь ихынҳәыр зҭаху ауааҧсыра зегьы авиаеилахәырақәа рҟны аимадараҿы ирыцхраауеит.

«Ареис ҷыдақәа ҳрылацәажәоит ҩ-тәылак рыбжьара ареисқәа иҟамзар. Ҳара есымша  4-5 ареисқәа ҳамоуп. Х-нызқьҩык раҟара арҭ ареисқәа рхы иархәаны, Израильнтә Қырҭтәылаҟа ихынҳәит.  Ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп, ацҳаражәҳәарҭаҿы иакымкәа Ацәаҳәа ҷыдақәа аус руеит, Израиль иҟоу ҳтәылауаа рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Иҽыхәшәтәразы Израиль инеиз ахәыҷқәа иҟоуп, ҳара иҳалшо ала ҳрыцхраауеит, иаамҭаны ҽаџьара риагара ма Қырҭтәылаҟа рырхынҳәразы.   Уаҟа иҟоу ҳтәылауаа цхыраарас ирҭаху еилкааны, иҳалшо ала ҳрыцхраауеит. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылаҟа ихынҳәыр зҭаху ҳтәылауаа зегьы аҧсадгьылахь ишыхынҳәуа», — иҳәеит  Дарчиашвили.