Илиа Дарчиашвили Израиль ахада Ицхак Герцог диԥылеит
Илиа Дарчиашвили Израиль ахада Ицхак Герцог диԥылеит

Израиль аофициалтә визитла иҟоу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Израиль ахада Ицхак Герцог диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәылеи Израили ҩганкалатәии ганрацәалатәи реизыҟазаашьақәа ирызкә азҵаарақәа.

“Иазгәаҭан атәылақәа шрыбжьоу атрадициатә аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Аиԥылара ашьҭахь аганқәа шьақәдырӷәӷәеит ганкалатәи ганрацәалатәи аформатқәа рҿы аусеицура арҭбаара шазыхиоу.

Ицхак Герцог даҽазнык шьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи дышрыдгыло”, – иануп аинформациа аҿы.