Илиа Дарчиашвили – Испаниа адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа иасҳәоит, иаҳзааирҧшуа адгылара иҳаракны ахә ҳшьоит, ҳара Евроеидгыла алалара аидеиа ҳазгәыкуп
Илиа Дарчиашвили – Испаниа адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа иасҳәоит, иаҳзааирҧшуа адгылара иҳаракны ахә ҳшьоит, ҳара Евроеидгыла алалара аидеиа ҳазгәыкуп

Еврокомиссиа  ари аӡбара аднакылеит Евроеидгыла ахеилакаҿ Испаниа ахантәаҩраан, ҳара ари афакт иҳаракны ахә ҳшьоит, — иҩит Қырҭтыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиавшили  «Twitter» аҿы.

Иара испаниатәи иколлега Хосе Мануель Альбарес адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

«Хосе Мануель Альбарес сиаҭабууп. Шәара иаҳзаашәырҧшуа адгылара иҳаракны ахә ҳшьоит, насгьы, Еврокомиссиа ари аӡбара аднакылеит Евроеидгыла ахеилакаҿ Испаниа ахантәаҩраан, ари афакгьы ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп. Ҳара, ҧасеиҧш, Евроеидгыла алалара аидеиа ҳазгәыкуп», — иҩит  Дарчиашвили.

Испаниа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Хосе Мануель Альбарес Қырҭтәылеи иколлегеи Еврокомиссиа аӡбара рыдиныҳәалеит.  Twitter аҿы Альбарес ишиҩыз ала, уи Қырҭтәыла европатәи амҩаҿ даҽа шьаҿак ауп.