Илиа Дарчиашвили - Иракли Кобахиӡе, аишәа гежь аформатаҿ, Украина иаҳҭаз ацхыраара далацәажәеит, Украина адгылара азаарҧшразы алшара ҳаман
Илиа Дарчиашвили - Иракли Кобахиӡе, аишәа гежь аформатаҿ, Украина иаҳҭаз ацхыраара далацәажәеит, Украина адгылара азаарҧшразы алшара ҳаман

«Иахьатәи аконференциа даҽазнык иаанарҧшит жәларбжьаратәи аиҩызара, еицҿакны, Украинеи аукраин жәлари ишрыдгыло», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Берлин ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.

Илиа Дарчиашвили иажәақәа  рыла, ари афорум асимволтә ҟазшьа амоуп.

«Қырҭтәыла аҧыза-министр, иколлегацәа рыгәҭа, Берлин имҩаҧысуа, зҵакы дуу аусмҩаҧгатә ихы алаирхәоит, уи аҵакы ду амоуп. Аҧыза-министр даҽазнык ааирҧшит ҳтәыла  Украинеи аукраин жәлари ишрыдгыло. Ари аусмҩаҧгатә инарҭбааны имҩаҧган. Аканцлер Шольци Украина ахадеи рҽалархәрала аишәа гежь мҩаҧган, уи иалахәын еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә 10ҩык аҧыза-министцәа,  Қырҭтәыла аҧыза-министргьы данрылаҵаны.   Иракли Кобахиӡе  Украинеи аукраин жәлари  ираҳҭо  ацхыраара далацәажәеит.   Ҳара Украина адгылара азаарҧшразы алшара ҳаман», — иҳәеит Илиа  Дарчиашвили.