Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили визитила Қырҭтәыла иаҭааиз Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Минакши Лехи дылҧылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Индиеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун аекономикеи, акультуреи, аҵареи, агуманитартә усуреи аусхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аусеицура.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала ирзааҭгылеит жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәагьы. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр индиатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Аиҧылара анҵәамҭаз аганқәа рхаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбаара ишазыхиоу.