Илиа Дарчиашвили  - Ҳнапхгара аҿҳәарадутәи ԥхықәрас амоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алалареи ари аҭаацәара азааигәахареи
Илиа Дарчиашвили - Ҳнапхгара аҿҳәарадутәи ԥхықәрас амоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алалареи ари аҭаацәара азааигәахареи

Ҳнапхгара аҿҳәарадутәи ԥхықәрас амоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алалареи ари аҭаацәара азааигәахареи, – иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, иахьа имҩаԥгаз Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа акомиссиа аилатәараҿ ԥхынҷкәын 15-нӡа имҩаԥыргаран иҟоу ареформақәа мацара акәым, ареформақәа римплементациа анагӡаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи наҟ-наҟтәи амш аусхәаԥштәгьы ирзааҭгылеит.

„Иахьатәи аиԥылара хықәкы хадас аман акоординациа амҩаԥгара дҵас измоу аусҳәарҭақәа ридентификациа. Ԥхынҷкәын 15-нӡа, Европа ахеилак иалоу атәылақәа Қырттәыла акандидат статус анашьара аӡбара рыдыркылаанӡа, ареформақәа рхырхарҭала апрогресс наҳагӡоит. Иахьа имҩаԥгаз Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа акомиссиа аилатәараҿ ԥхынҷкәын 15-нӡа имҩаԥыргаран иҟоу ареформақәа мацара акәым, ареформақәа римплементациа анагӡаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи наҟ-наҟтәи амш аусхәаԥштәгьы ҳарзааҭгылеит. Ҳнапхгара аҿҳәарадутәи ԥхықәрас амоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алалареи ари аҭаацәара азааигәахареи”, – иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.