Илиа Дарчиашвили – Ҳара Евроеидгыла алахәылацәа зегьы хаз-хазы аус рыцаауеит, атәылақәа рацәа иазхарҵеит Қырҭтәыла акандидат астатус шахәҭоу
Илиа Дарчиашвили – Ҳара Евроеидгыла алахәылацәа зегьы хаз-хазы аус рыцаауеит, атәылақәа рацәа иазхарҵеит Қырҭтәыла акандидат астатус шахәҭоу

«Ҳтәыла акандидат астатус анашьара ҳаналацәажәо,  Венгриа ҕәҕәала иҳадгыло атәылақәа иреиуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Илиа  Дарчиашвили иҳәамҭала, иара атәыла акандидат астатус  аиуп ҳәа дгәыҕуеит.

«Ҳара Евроеидгыла алахәылацәа зегьы хаз-хазы аус рыцаауеит, Венгриагьы аус ацаауеит, ари атәылантә адгылара ҕәҕәа ҳамазарц азыҳәан. Атәылақәа рацәа иазхарҵеит Қырҭтәыла акандидат астатус шахәҭоу.

Ҳтәыла акандидат астатус анашьареи Евроеидгылахь аинтеграциа наӡеи  ҳаналацәажәо,  Венгриа ҕәҕәала иҳадгыло атәылақәа иреиуп», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.