Илиа Дарчиашвили – Ҳара астратегиатә партниорцәа рҟны адинамикатә еизыҟазаашьақәа  ҳамазар ҳҭахуп
Илиа Дарчиашвили – Ҳара астратегиатә партниорцәа рҟны адинамикатә еизыҟазаашьақәа  ҳамазар ҳҭахуп

Ҳара, иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ апрогресс ҟаларц азыҳәан, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Берлин ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.

Аминистр иҳәамҭала ,  Қырҭтәыла апарламент, иаанханы иҟаз азакәанҧҵаратә пакетқәа зегьы аднакылеит, уи алагьы иубарҭоуп атәыла аиҳабыра ари азҵаара ишазныҟәо.

„Қырҭтәыла евроинтеграциаамҩа ианыланы ҧхьаҟацара иаҿуп“, – иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Дарчиашвили Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәагьы дрылацәажәеит.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҕьтәра  иазҿлымҳауп.

„Хара имгакәа ҳаизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит, ҳара, ҩ-ганктәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара наҳагӡоит“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.