Илиа Дарчиашвили – Ҳаиҳабыра рхаан Қырҭтәыла амедиа ахақәиҭра зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, лабҿаба иубарҭоуп атәылаҿ акритикатә медиахархәагақәа шырацәоу
Илиа Дарчиашвили – Ҳаиҳабыра рхаан Қырҭтәыла амедиа ахақәиҭра зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, лабҿаба иубарҭоуп атәылаҿ акритикатә медиахархәагақәа шырацәоу

Қырҭтәыла амедиахақәиҭра ҳахәаҧшыр, лабҿаба иубарҭоуп атәылаҿы акритикатә медиахархәагақәа шырацәоу, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербоки иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Анналена Бербоки Илиа Дарчиашвилии Ника Гварамиа ибаандаҩтәреи амедиахақәиҭреи иазкны азҵаара рырҭеит.

Дарчиашвили ишазгәеиҭаз ала,  иахьазы Қырҭтәыла амедиа зеиҧшҟамлац ала ахы иақәиҭуп.

„Қырҭтәыла амедиахақәиҭра ҳахәаҧшыр, лабҿаба иубарҭоуп атәылаҿы акритикатә медиахархәагақәа шырацәоу. Сгәы ишаанаго ала, иахьа, ҳаиҳабыра рхаан,  Қырҭтәыла амедиа ахақәиҭра зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп.  Ари азҵаара ахадаратә ҵакы амоуп. Ҳаиҳабыра иҟарҵеи ҳәа ианҳазҵаауа, раҧхьа иргыланы, амедиа ахақәиҭра аиқәыршәара ауп иазгәаҳҭо.

Аконкреттә азинтә хҭыс иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп. Аӡбарҭаҿ зыхәаҧшра иаҿу ашьауҕатә ус изакәызаалак ак ала амедиахақәиҭра иадҳәалам ҳәа сгәы иаанагоит. Амедиа ахақәиҭра иаҳа иҕәҕәахеит, уи ҳара инаҳагӡо 12 пунктқәа иреиуп.  Ари атәыла, хымҧада, апунктқәа зегьы нанагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәыла, хымҧада астатус аиуеит, хара имгакәа европатәи аҭаацәара алахәылас ҳҟалоит“, – иҳәеит Дарчиашвили.