Илиа  Дарчиашвили – Европатәи ҳпартниорцәа ибзианы иҳазныҟәоит, Қырҭтәыла имҩаҧгоу крызҵазкәа ареформақәа рыхә ршьап ҳәа ҳгәыҕуеит
Илиа  Дарчиашвили – Европатәи ҳпартниорцәа ибзианы иҳазныҟәоит, Қырҭтәыла имҩаҧгоу крызҵазкәа ареформақәа рыхә ршьап ҳәа ҳгәыҕуеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала,  ИГИЛ иаҿагылоу ақәҧаразы аглобалтә каолициа аминистериал аҿы  Қырҭтәыла алахәызаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит атәыла,  жәларбжьартаәи уаажәларра ирывагыланы,   аглобалтә шәарҭадара арҕәҕәара апроцесс активла ишалхәы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны иколлегацәа данырҧылоз,   ахадаратә ҵакы аман Қырҭтәыла европатәи интеграциа азҵаареи  Евроеидгыла азҵаабҕьыц ахарҭәаара ашьҭахь атәыла иамоу агәыҕрақәеи.

«Ҳпартниорцәа даҽазнык иазгәарҭеит евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиара ду шамоу. Ҳгәыҕрақәа ирызкны срацәажәеит,   Европатәи ҳпартниорцәа ибзианы иҳазныҟәоит, Қырҭтәыла имҩаҧгоу крызҵазкәа ареформақәа рыхә ршьап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Лаҵара 10-12 рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ИГИЛ иаҿагылоу ақәҧаразы аглобалтә каолициа аминистериал ихы алаирхәит. Илиа Дарчиашвили аминистериал алахәызааразы ааҧхьара ииҭеит Америка Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ.