Илиа Дарчиашвили – Европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцессаҿ ҳтәыла Польшантә иамоу адгылара аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега Збигнев Рау Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Абрифингаҿ Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала, иара Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр диаҭабууп иуадаҩу, зҵакы дуу аамҭазы Қырҭтәылаҟа дааны ҳтәыла адгылара ахьазааирҧшыз азыҳәан.
Дарчиашвили иажәақәа рыла, ари авизит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы алагала ду ҟанаҵоит.
«Ҳара, аҭоурыхтә аимадарақәеи атрадициатә аиҩызареи мацара акәымкәа, азеиҧш интересқәеи ахықәкқәеи рылагьы ҳаидҳәалоуп.
Ақырҭуа жәлар ахаангьы ирхашҭуам ҳтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭазы Польша ишҳадгылаз. Аҩызарала Қырҭтәыла иазыҟаз, ахада Лех Качински ҳтәыла дшадгылаз ахаангьы иҳхашҭуам. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцессаҿ ҳтәыла Польшантә иамоу адгылара аҵакы ду шамоу, Польша асахьала аҩыза ҕәҕәа дахьҳамоу даараӡа ҳаигәырҕьоит», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.