Илиа  Дарчиашвили – Европатәи аган априоритетқәа рынагӡареи, аҳасабыбаҿы иазгәаҭоу апрогресси иазҧхьагәарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит,  уи Евроеидгыла алалара апроцессаҿ  крызҵазкәа  елементуп
Илиа  Дарчиашвили – Европатәи аган априоритетқәа рынагӡареи, аҳасабыбаҿы иазгәаҭоу апрогресси иазҧхьагәарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит,  уи Евроеидгыла алалара апроцессаҿ  крызҵазкәа  елементуп

«Европатәи аган априоритетқәа рынагӡареи, аҳасабыбаҿы иазгәаҭоу апрогресси иазҧхьагәарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит,  уи Евроеидгыла алалара апроцессаҿ  крызҵазкәа  елементуп», — иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Аминистр иҳәамҭала,  Еврокомиссиа аҳасабырба даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара шахәҭоу, ареформақәа рымҩаҧгара аганахьала аҧхьагылара шамоу.

«Евроеидгылахь аинтеграциа ахырхарҭала аус зуа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ааҧсарада инарыгӡо аус азы.

Зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иашеи, европатәи аполитикатә хырхарҭеи  иабзоуроуп», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.