Илиа Дарчиашвили – Еврокомиссиа иаартны аанарҧшит Қырҭтәылазы европатәи аперспектива аартра шырыӡбаз
«Иахьа Еврокомиссиа алахәылацәа, Евроеидгыла алаларазы аперспектива ҳарҭан, аргама ирҳәеит Украинеи Молдовеи реиҧшҵәҟьа, Қырҭтәылагьы европатәи аҭаацәара ишалахәы», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
«Аиашаз, ҳара иаҳа ирацәаны ҳазыҧшын, аха, иахьа Еврокомиссиа алахәылацәа аргама аадырҧшит Қырҭтәыла европатәи аперспектива аҭаразы аӡбара шрыдыркылаз», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.
Иара иажәақәа рыла, Еврокомиссиа раҧхьаӡа акәны аофициалла ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла хымҧада Евроеидгыла ишалало.
Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аинтеграциа аимплементациеи Евроеидгыла алалареи азыҳәан апартниорцәа аус рыцура иазыхиоуп.