Илиа Дарчиашвили - Еврокомиссиа азышьақәзырӷәӷәеит ҳара ҳзы ареформақәа зегь реиҳа ихадоу априоритет шакәу
Илиа Дарчиашвили - Еврокомиссиа азышьақәзырӷәӷәеит ҳара ҳзы ареформақәа зегь реиҳа ихадоу априоритет шакәу

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бриуссель аусуратә визит ихиркәшеит. Илиа Дарчиашвили Еврокомиссиеи Евроеидгыла зранг ҳараку ахаҿқәа дырԥылеит, урҭ рыбжьара Арҭбаара аполитикеи агәылареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи.

Авизит данахцәажәоз Илиа Дрчиашвили ишазгәеиҭаз ала, Еврокомиссиа азышьақәирӷәӷәеит Қырҭтәылазы ареформақәа зегь реиҳа ихадоу априоритет шакәу.

„Еврокомиссар Варҳеи иҟны аинтерес зҵаз аиԥылара сыман. Аиԥылараҿ 12 абжьгарақәа рынагӡра ҳрыхцәжәеит. Венециатәи акомиссиахь ишьҭыз азҵаарақә Бриуссель азы аҵак ду рымоуп, урҭ даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит ари ахырхарҭала Қырҭтәыла апрогресс ду шамоу. Еврокомиссиа азышьақәзырӷәӷәеит ҳара ҳзы ареформақәа зегь реиҳа ихадоу априоритет шакәу“, – иҳәеит Дарчиашвили.