Илиа Дарчиашвили – Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аконкреттә абжьагарақәа ирыдҳәаланы аплан аднакылеит
Илиа Дарчиашвили – Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аконкреттә абжьагарақәа ирыдҳәаланы аплан аднакылеит

«Сара агәра ганы сыҟоуп ҳаиҳабыра имҩаҧыргаз аусура ду аконкреттә алҵшәақәа шахылҵуа, ҧхынҷкәын 15 рзы Европатәи ахеилак астатус ҳанашьаразы аӡбара шаднакыло», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәиа усқәа рминистр Илиа Дарчиавшили.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аилатәараҿы акомиссиа зҵакы дуу аӡбара аднакылеит,  акомиссиа алахәылацәа аконкреттә абжьагарақәа рынагӡара иазку аплан шьақәдырҕәҕәеит.

Дарчиашвили ишазәгеиҭаз ала,  атәыла аиҳабыра ари азҵаара иазҿлымҳау агәыҧқәа зегьы аус рыцура иазыхиоуп.

«Ҳара еснагь аинклиузивра ҳалацәажәон. Уажәгьы уи ҳазыхиоуп.  Иахьа иҳадаҳкылаз аплан инақәыршәаны,  Қырҭтәыла ареформақәа рынагӡаразы,  европатәи ҳпартниорцәа активла аус рыцура наҳагӡоит. Ари апроцесс еиҧҟьарада инагӡатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит,  избанзар,  шықәсыкала ареформақәа рымҩаҧгара ҟалом», — иҳәеит Дарчиашвили.

Иахьа,   аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧган евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара.