Илиа Дарчиашвили - Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара ашҟа Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рааԥхьара Мрагыларатә партниорра аҵак ҷыда аанарԥшуеит
Илиа Дарчиашвили - Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара ашҟа Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рааԥхьара Мрагыларатә партниорра аҵак ҷыда аанарԥшуеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Прага имҩаԥысуа Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара ихы алаирхәоит. Илиа Дарчиашвили ишааицҳаз аиԥылара аҽалархәразы иааԥҳьан Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи рхаҭарнакцәа.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы Илиа Дарчиашвили ишазгәеиҭаз, ари аформат аҿы ахтәылак Мрагыларатә партниорра наҟ-наҟтәи апланқәа ирызкны рхатә гәаанагарақәа аадырԥшырц алшара роуеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳаз, аиԥылараҿ Қырҭтәыла ашьҭымҭа хадақәа рыҟаҵара алшоит.