Илиа Дарчиашвили ЕАШ ар европатәи рԥыза диԥылеит
Илиа Дарчиашвили ЕАШ ар европатәи рԥыза диԥылеит

Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ЕАШ ар европатәи рԥыза, аинрал Кристофер Ковали диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра ашьаҭатәи хырхарҭақәа.

Иазгәаҭан ЕАШ Қырҭтәыла аполитикатәи апрактикатә адгылара шазаанарԥшуа.

ЕАШ ахаҭарнак иажәақәарыла, ЕАШ Қырҭтәыла асуверенитети, атерриториатә акзаареи атәыла адәныҟатәи априоритетқәеи ирыдгылоит.