Илиа Дарчиашвили  - ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылаз арезолиуциа ақырҭуа дипломатиа ақәҿиара дуны иҧхьаӡатәуп
Илиа Дарчиашвили  - ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылаз арезолиуциа ақырҭуа дипломатиа ақәҿиара дуны иҧхьаӡатәуп

«ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылаз арезолиуциа ақырҭуа дипломатиа ақәҿиара дуны иҧхьаӡатәуп. Сынтәа Қырҭтәыла, азҳара шықәсыктәи адинамика ахьчара алшеит. Сынтәа арезолиуциа иадгылеит  103 ҳәынҭқаррақәа», — Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили 2024 шықәса рашәара 4 рзы ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылаз арезолиуциа абас дахцәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, адокумент аинициаторцәа роуп Қырҭтәылеи  63 ҳәынҭқаррақәеи.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр арезолиуциа иадгылаз аҳәынҭқаррақәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, шәнызқьҩыла ахҵәацәа адгылара ҕәҕәа рымоуп.

Аминистр ари арезолиуциа аҵакы ду далацәажәан, иаҵшьны иазәгеиҭеит ари адокумент адкылара абзоурала, Қырҭтәыла  азҵаара иреиҳаӡоу адунеитә жәларбжьаратәи форум аусхәаҧштә аҿы иаанхоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, ЕАР Ассамблеиа хада Қырҭтәыла импыҵахалоу  аҵакырадгьылқәа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа ирызку арезолиуциа аднакылеит. Арезолиуциа иадгылеит 103 аҳәынҭқаррақәа.