Илиа Дарчиашвили – ЕАР Ассамблеиа Хада арезолиуциа агуманитартә ганахьала аҵакы ду амоуп
«Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа ирызны ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылаз арезолиуциа агуманитартә ганахьала аҵакы ду амоуп», — иҩит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили асоциалтә аҳаҿы.
«ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиаҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа ирызку арезолиуциа рыдыркылеит иахьазы адгылара аганахьала зегьы иреиҕьу арбагала — арезолиуциа иадгылеит 103 ҳәынҭқаррақәа. Жәларбжьаратәи ауаажәларра ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы», — иҩит Илиа Дарчиашвили.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, ЕАР Ассамблеиа Хада импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ахҵәацәа ирызку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа иадгылеит 103 ҳәынҭқаррақәа