Илиа Дарчиашвили Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит  
Илиа Дарчиашвили Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит  

 

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  адыррала,   аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра.

«Ҷыдала иазгәаҭан  «Уордроптәи астратегиатә диалог» атәылақәа русеицура арҭбааразы иамоу аҵакы ду.

Ацҳаражәҳәаҩ аминистр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит қәҿиарала аусеицуразы. Иара убас,  иаҵшьны иазгәеиҭеит Британиа ду Қырҭтәыла ахьыҧшымреи,  аҵакырадгьылтә акзаареи,  иара убас,  атәыла европатәи аҽазышәарақәеи ишадгыло.

Аиҧылара анҵәамҭаз аминистр ацҳаражәҳәаҩ инаигӡаз аусуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.