Илиа Дарчиашвили – Ахьыҧшымра аиура инаркны Қырҭтәыла аҧеиҧш европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәра аидеиа иадҳәалоуп
« 34 шықәса раҧхьа, 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы, Асовет Еидгыла арбџьармчқәа ахьыҧшымра ахьчаразы Русҭавели имҩаду ашҟа идәылҵыз ақырҭуа жәлар гәымбылџьбарала анеимдырпы, ҳтәыла аҭоурыхаҿ аетап ҿыц иалагеит, ақырҭуа жәлар ахьыҧшымра алырхит, ахьыҧшымра азықәҧара иахьагьы инагӡоит», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
Иара иажәақәа рыла, иахьа арегионаҿ агеополиткиатә ҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәыла ахатә хьыҧшымреи аҭынчреи ахьчара алшоит.
«Ахьыҧшымра аиура инаркны Қырҭтәыла аҧеиҧш европатәи аҭаацәарашҟа ахынҳәра аидеиа иадҳәалоуп. Ҳтәыла ари ахырхарҭала ҧхьаҟацара иаҿуп. Уи хырҧашьа змам процессуп, избанзар, Қырҭтәыла – европатәи ҳәынҭқарроуп, избанзар, ҳтәыла аиҳабыра ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара астратегиатә хықәкны иҟарҵеит. Ари ахықәкы анагӡара ҟалоит акзаареи аҽазышәара ҕәҕәеи мацарала. Иахьа арегионаҿ агеополиткиатә ҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәыла ахатә хьыҧшымреи аҭынчреи ахьчара алшоит. Ҳтәыла изну амҩа мариам, аха, аџьабаа дуи, апрофессионализми, аҭакҧхықәра дуи абзоурала, ҳара, хымҧада, ауадаҩрақәа зегьы ҳархысуеит. Мшаҧы 9 рзы иҭахаз афырхацәа среихырхәоит — ахамеигӡарала ахақәиҭра амҩа ҳзаазыртыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит Дарчиашвили.