Илиа Дарчиашвили Аҩныҵҟатәи аазҵаарақәа рзы еврокомиссар дылԥылеит
Илиа Дарчиашвили Аҩныҵҟатәи аазҵаарақәа рзы еврокомиссар дылԥылеит

Бриуссель визитла иҟоу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Аҩныҵҟатәи аазҵаарақәа рзы еврокомиссар Ильва Иоҳансон дылԥылеит.

Аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амш аусхәаԥштәи ари апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәеи.

Аминистр еврокомиссар лыдигалеит Еврокомиссиа 12 абжьгарақәа рынагӡара амҩаҿ иҟоу ақәҿиарақәеи апрогресси.

Аиԥылараҿ ирыхәашит еиқәыршәоу ацәгьоуреи акоррупциеи ирҿагыланы ақәԥара ахырхарҭақәа рҿы Қырҭтәыла амоу ақәҿиарақәа, ахәшьара бзиа аҭан Қырҭтәылеи Евроеидгыла агентрақәеи (EUROPOL-и Frontex-и) ирыбжьоу аусеицура адинамика.