Илиа  Дарчиашвили – Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьоит аҧыза-министр, иара ари аӡбара идикылоит иахәҭоуп ҳәа аниҧхьаӡо, уи еиҧш ахымҧадара аныҟало
Илиа  Дарчиашвили – Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьоит аҧыза-министр, иара ари аӡбара идикылоит иахәҭоуп ҳәа аниҧхьаӡо, уи еиҧш ахымҧадара аныҟало

«Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьоит аҧыза-министр, иара ари аӡбара идикылоит иахәҭоуп ҳәа аниҧхьаӡо, уи еиҧш ахымҧадара аныҟало. Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара Ашәарҭадара ахеилак ааҧхьаразы шьаҭас изыҟалом», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили атәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Дарчиашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҧыза-министр Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьароуп ҳәа иҧхьаӡар, хымҧада ааиҧхьоит.

«Ари азҵаара Ашәарҭадара ахеилак аҿы излацәажәатәу азҵаарақәа иреиуам.  Ари азҵаара ҳалацәажәахьеит, уи азыҳәан Ашәарҭадара ахеилак ааҧхьара ахәҭам. Ашәарҭадара ахеилак ааиҧхьоит аҧыза-министр, иара ари аӡбара идикылоит иахәҭоуп ҳәа аниҧхьаӡо, уи еиҧш ахымҧадара аныҟало», — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.