Илиа Дарчиашвили – Арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз аҳасабырба Еврокомиссиа ала аӡбара адкылара апроцессаҿ аҵакы ду амоуп
«Зыӡбахәы ҳәоу адокумент евроинтеграциа ахырҭарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аусура хәҭак ауп, уи аҵакы ду амоуп, ари адокумент Еврокомиссиа иацхраауеит жьҭааразы Қырҭтәыла иазку аихшьаала аҟаҵараҿы, убри ашьаҭала, Европатәи ахеилак Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аӡбара адкылара алшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински раҧхьатәи аҳасабырба анииҭа ашьҭахь.
Аҳасабырба 35 ахқәа амоуп, уаҟа иарбоуп Евроеидгылахь аинтеграциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи шықәсык иалагӡаны имҩаҧгаз аусура. Аҳасабырба армазеира иалагеит жәабран анҵәамҭаз, Евроеидгыла аҳәара инақәыршәаны, ари апроцесс иалахәын аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, азакәанҧҵаратә органи, аӡбаратә мчреи. Аҳасабырбаҿы иарбоуп 2022 шықәса лаҵара инаркны иахьанӡа Евроеидгыла азааигәахара аганахьала имҩаҧгаз азакәанҧҵаратәи, аинституциатәи, егьырҭи ауснагӡатәқәа, урҭ рыгәҭа аҳасабырбаҿы иҟоуп аусхкытә хкқәа инрықәыршәаны имҩаҧгоу аусура иазку аинформациагьы.
Еврокомиссиа ахәшьараҭаратә аҳасабырба цәырнагоит 2023 шықәса ҭагалан азы, убри ашьаҭала, 2023 шықәса анҵәамаҭаз Европатәи ахеилак Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаара иахәаҧшуеит.