Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Израиль дыҟоуп
Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Израиль дыҟоуп

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Израиль дыҟоуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны рнапқәа аҵарҩит Қырҭтәылеи Израильтәи аҳәынҭқарреи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазкә аиқәшаҳаҭра ахырҳагаразы аҭҵаара ахыркәшара адекларациа.

Қырҭтәыла аҟынтә адекларациа инапы аҵаиҩит Илиа Дарчиашвили, Израиль аҟынтә – Израиль Аекономикеи ааглыхреи рминистр Нир Баркат.

Ацеремонианӡа Илиа Дарчиашвили Израиль Аекономикеи ааглыхреи рминистр диԥылеит. Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит ҩганкалатәии ганрацәалатәи аусеицура азҵаарақәа.

Ҩымштәи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Илиа Дарчиашвили израильтәи иколлега Ели Ҟоени, Израиль ахада Ицхак Герцоги дырԥылеит. Апланқәа ирылоуп Кнессет ахантәаҩи, Аекономикеи, Атуризми, Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистрцәа рҟны аиԥларақәа рымҩаԥгара.

Илиа Дарчиашвили Холокост иалаӡыз ауаа рмемориал “Иад вашем” аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵоит.