Илиа Дарчиашвили - „Аглобалтә агәашә" афорум аҿы аԥыза-министр ажәахәла дықәгылоит, уи bааирԥшуеит Қырҭтәыла аинфраструктуратә проектқәа рырҿиара иазку агәаанагара
Илиа Дарчиашвили - „Аглобалтә агәашә" афорум аҿы аԥыза-министр ажәахәла дықәгылоит, уи bааирԥшуеит Қырҭтәыла аинфраструктуратә проектқәа рырҿиара иазку агәаанагара

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Бельгиатәи аҳрашҟа, Бриуссельҟа ддәықәлеит. Аиҳабыра ранпхгаҩы Еврокомиссиа еиҿнакааз афорум – „Аглобалтә агәашә 2023″ ихы алаирхәоит. Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афорум аҽалархәразы ааҧхьара илҭеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен, иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылазы аимадара азҵаара ихадароу азҵаарақәа иреиуп.

„Евроеидгылаҟны ихадароу афлагмантә проектқәа ҳамоуп. Урҭ Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рзааигәахаразы ихырҳагоуп. „Аглобалтә агәашә” афорум аҿы аԥыза-министр ажәахә ала дықәгылоилт, уи ааирԥшуеит Қырҭтәыла аинфраструктуратә проектқәа рырҿиара иазку ахәаԥшышьа, ари аҵак ду амоуп. Иара убас адискуссиа мҩаԥгахоит акабель иазку азҵааразы – аригьы зҵак дуу проектуп.  Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцатә кабель апроект абзоурала, Қырҭтәылеи Амшын еиқәеи ирылганы, Евроедгылеи Европеи афымца иаҵәа, зырҿыцра ҟало афымца аиура алшоит”, – иеит Илиа Дарчиашвили.