Илиа Дарчиашвили адипломатцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит
Илиа Дарчиашвили адипломатцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит

«Азанааҭтә ныҳәамш Сулхан-Саба Орбелиани имшира аҽны азгәаҳҭоит, уи асимволтә ҵакы амоуп,  избанзар,  убри ала даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит ақырҭуа милаҭ рҭоурыхтә аӡбара  —  европатәи аҭаацәара алахәызаара», — иҩит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр асоциалтә аҳаҿы адипломатцәа рзанааҭтә ныҳәамш анрыдиныҳәалоз.

«Атәыла изықәгыло европатәи амҩаҿ,  иара убас,  уажәазы иҟоу ауадаҩрақәа рҭыҧқәҵараҿгьы шәара амиссиа ду шәанашьоуп,  сара агәра ганы сыҟоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа  абарҭ ахықәкқәа зегьы қәҿиарала ишынарыгӡо», — иҩит  Илиа  Дарчиашвили.

https://www.facebook.com/Darchiashvili.Ilia/posts/167999832540726