Илиа Дарчиашвили – Аартызаара иазку азакәани Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи еидуҳәалар ҟалом – абри азнеишьа ииашам, уи алацәажәара ахәҭам
«Аартызаара иазку азакәани Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи еидуҳәалар ҟалом – абри азнеишьа ииашам, уи алацәажәара ахәҭам», – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
Илиа Дарчиашвили игәаанагарала, аиҿцәажәарақәа ралагаразы аргументс иҟазароуп Евроеидгыла Қырҭтәыла иазықәнаргылаз абжьагарақәа рынагӡара.
«Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа смаҳаит, аха, ари азакәани аиҿцәажәарақәа ралагареи реидҳәалара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит. Евроеидгылашҟа ҳинтеграциа ареформақәа рымҩаҧгара иахьыҧшуп. Ҳара ари апроцесс ҳақәныҟәоит, абжьагарақәа наҳагӡоит. Ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡоит, абри ауп анеҩстәи аетапашҟа – аиҿцәажәарақәа ралагара ашҟа аиасра зхьыҧшу. Аартызаара иазку азакәани Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи еидуҳәалар ҟалом – абри азнеишьа ииашам, уи алацәажәара ахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит.
Азакәанпроект ҵакыс иамоу ҳҳәеит – аартызаара аиқәыршәара. Аартызаара ауп Қырҭтәыла евроинтеграциа шьаҭас иамоу. Дарбанзаалак ауаҩы ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭак иҧхықәуп. Ари азакәан евроинтеграциа иаҧырхагамхароуп. Аиҿцәажәарақәа ралагаразы аргументс иҟазароуп Евроеидгыла Қырҭтәыла иазықәнаргылаз абжьагарақәа рынагӡара. Аартызаара иазку азакәан хықәкык ауп иамоу – иаҳа аартызаара аиқәыршәареи ҳтәылаҿ европатәи астандартқәа раларҵәареи», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иахьа иҳәеит: ««Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект ҽеим, уи европатәым, америкатәым, уи ибзиаӡаны иҳаҳаит Америка ацҳаражәҳәаҩ лҟынтә».