Илиа Дарчиашвили - Аԥыза-министр Украина адгыларатә конференциа иҽалархәра даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит Қырҭтәыла ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьра иҭагыло атәыла ишалшо ала шацхраауа
Илиа Дарчиашвили - Аԥыза-министр Украина адгыларатә конференциа иҽалархәра даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит Қырҭтәыла ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьра иҭагыло атәыла ишалшо ала шацхраауа

Қырҭтәыла аԥыза-министр Берлин ашҟа ивизити Украина адгыларатә конференциа иҽалархәреи даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит Қырҭтәыла ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьра иҭагыло атәыла ишалшо ала шацхраауа, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Дарчиашвили иажәақәа рыла, аиҳабыра рнапхгаҩы аишәа гьежь аформат аҿы дықәгылоит.

„Қырҭтәыла аԥыза-министр аусуратә визитла Германтәыла дыҟоуп. Рашәара 11-12 рзы Берлин Украина ацхырааразы жәларбжьаратә форум мҩаԥгахоит. Адунеи алидерцәа Украина ацхыраара амҩақәа рыхцәажәоит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр, егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, ари ауснагӡатә ихы алаирхуеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аишәа гьежь аформат аҿы дықәгылоит. Қырҭтәыла аԥыза-министр Берлин ашҟа ивизити Украина адгыларатә конференциа иҽалархәреи даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит Қырҭтәыла ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьра иҭагыло атәыла ишалшо ала шацхраауа“, –иҳәеит Дарчиашвили.