Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили визитла Ҭырқәтәыла дыҟоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили ҩганкалатәи аиԥылара мҩаԥигеит аҭырқәа иколлега, Ҳақан Фидан иҟны.
“Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа ҩтәылак ирыбжьоу астратегиатә партниорра амш аусхәаԥштә ала иахыԥхьагәаҭоу азҵаарақәа ирыхәаԥшит. Урҭ иреиун ахәаахәҭреи, аекономикеи, аенергетикеи, атранспорти, астратегиатә регионтә проектқәеи, акультуреи агуманитартә хырхарҭақәеи рҿы аусеицура азҵаарақәа
Ахшыҩзышьҭра рзуун астартегиатә атранспорттәи аенергетикатәи проектқә рынагӡара азҵаара.
Иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәеи Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу зыҩаӡара ҳараку астратегиатә усеицура ахеилак аформати рҵакы.
Аиԥылараҿ даҽазнык иазгәаҭан Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло”, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациаҿы.