Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега ҭелла диацәажәеит
Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳақан Фидан ҭелла диацәажәеит. Ари аанацҳаит Адәныҟатәи аусҳәарҭа.

“Ҭелла аиҿцәажәараан аминистрцәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра арӷәӷәара шазыхиоу, иара убас иазгәарҭеит атәылақәа рыбжьара зыҩаӡара ҳаракәу авизитқәа рҵак ду.

Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега иҭадуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи ҳтәыла евро-атлантикатә ашьҭазаарақәеи рыдгылара азы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега Қырҭтәылахь дааиԥхьеит”,  – иануп аинформациа аҿы.